Вышински идгылараз акциа мҩаԥгахоит Москва иҟоу Украина Ацҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа

© Sputnik / СтрингерКирилл Вышински
Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кирилл Вышински Киев дырбаандаҩын лаҵара 15 2018 шықәса рзы.

АҞӘА, лаҵара 13 – Sputnik. Апортал "РИА Новости – Украина" ахада Кирилл Вышински идгыларазы акциа мҩаԥгахоит Москва иҟоу Украина Ацҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа лаҵара 15 рзы.

Киевтәи аӡбарҭа Вышински иаанкылара аҿҳәара иацнаҵеит - Sputnik Аҧсны
Киевтәи аӡбарҭа Вышински иаанкылара аҿҳәара иацнаҵеит

"Ҳара ааԥхьара ҟаҳҵоит ҳколлегацәа-ажурналистцәа, урҭ рыдагьы Кирилл илахьынҵа згәы иҵхо зегь рахь акциа шәҽалашәырхәырц ахаша асааҭ 10:00 рзы. Ҳашәзыԥшуп абри аҭыӡҭыԥ аҿы: Леонтьевтәи абжьаларҭа, аҩ. 18.", - ҳәа аанацҳауеит МИА "Россия сегодня" апресс-маҵзура.

Апикет иалахәхоит ажурналистцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, азинхьчаҩцәа, ауааԥсыра. Урҭ ааԥхьара ҟарҵоит Украина анапхгара рахь, хаҭала Владимир Зеленски иахь Вышински ихы дақәиҭыртәырц.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Зеленски ихьӡала Вышински ихақәиҭтәразы ажурналистцәа ашәҟәы нарышьҭит

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам.

Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0