Акурорттә сезон аан гагратәи ацхыраара ласы абригадақәа ирыцҵахоит

2019 шықәсазтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазкын лаҵара 17 рзы Аминистрцәа реилазаараҿы атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигаз аилацәажәара.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik, Бадри Есиава. Акурорттә сезон аан гагратәи ацхыраара ласы абригадақәа рыштатқәа ирыцҵахоит иҳәеит 2019 шықәсазтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазкны лаҵара 17 рзы Аминистрцәа реилазаараҿы имҩаԥигаз аилацәажәараҿ атәыла агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра Аԥсны атәылауаа ирыцхраараны иҟоуп>>

Ҵахнакьиа иазгәеиҭеит ацхыраара ласы амаҵзура егьырҭ араионқәа рыҿгьы ахылаԥшра ҷыда шаиуа. Гагра атәы хаҭала иуҳәозар, уа аԥхынра аамҭазы атуристцәа рырацәара инамаданы ахәышәтәырҭа иадҵаало рхыԥхьаӡара акыр ирацәоуп. Астатистикатә дыррақәа рыла бжьаратәла уахыки-ҽнаки рыла ахәышәтырҭа иадҵаалоит 150-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.

"Ҳара ацхыраара ласы амаҵзура ҳарӷәӷәоит, иалшо зегь ҟаҳҵоит ԥымкрада ахәшәқәа ҳамазааразы, афельдшертә бригадақәа рхыԥхьаӡара иацаҳҵоит", - иҳәоит Ҵахнакьиа.

Аминистр иажәақәа рыла, 2018 шықәса рзы Аԥсны агәабзиарахьчаратә усҳәарҭақәа рахь инеит 8000-ҩык атуристцәа. Урҭ зегьы хәыда-ԥсадатәи амедицинатә цхыраара рыҭан.