Асигаретқәа закәаншьаҭада аҳәаа рахыгара аԥырҟәҟәаан

Асигаретқәеи автомашьынеи ырбаандаҩуп, аҭаҭынаалыҵ атауар аекспертизахь инашьҭуп иара аџьармыкьатә хәыԥса ашьақәыргыларазы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа асигарет контрабандала аиагара аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә Усбарҭа апресс-маҵзура.

Закәаншьаҭада атауар аҳәаа ахыгараан иаанкылан

Аҳәаахьчаҩцәа иааныркылеит Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амҩа иқәыз автомобиль "ГАЗ 3302".

Амашьына агәаҭараан иаарԥшын закәаншьаҭада 631 ҭоԥ асигарет амҩангара шазыԥхьагәаҭаз.

Шәачатәи аҳазалхратә ҟәша аиҳабы Григори Минеев ишиҳәо ала, азин еилазго ауааԥсыра рганахь ала ахарадҵақәа еиҳа-еиҳа ирӷәӷәахоит – ииарго атауар аконфискациеиԥш, изламҩанырго атранспорттә хархәагагьы аконфискациа азураҟынӡа.

2019 шықәса иалагӡаны аҭаҭынаалыҵ изакәанымкәа аҳәаа ахыгара инадҳәаланы 19 усҭҵаара хацдыркхьеит. Ииасыз ашықәс азы абри аамҭала ихацыркын 3 ус заҵәык.