Инар Нарманиа икиносахьа "Махаз сыхьӡуп" аԥхьахә аиуит

Нхыҵ-Кавказтәи Жәларбжьаратәи аҿар ркинофестиваль "Кинокавказ" мҩаԥысуан Нальчик, лаҵарамза 16-17 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵарамза 18, Sputnik. Cариа Кәарцхьаԥҳа. Аԥсуа режиссиор Инар Нарманиа икиносахьа "Махаз сыхьӡуп" афестиваль "Кинокавказ" аҟны аԥхьахә агеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит арежиссиор ихаҭа.

Акиносахьа "Махаз сыхьӡуп" Москватәи акинофестиваль аҿы аиааира агеит

Нарманиа иажәақәа рыла, афильм аҳәаанырцәтәи ахәаԥшҩы идыргалахьеит, аха Нхыҵ-Кавказ раԥхьаӡакәны иалахәын акинофестиваль.

Аԥсуа режиссиор Инар Нарманиа зметраж кьаҿу ифильм "Махаз сыхьӡуп" ӡырыргахьан Жәларбжьаратәи акинофестиваль "Arctic open" аҟны. Афестиваль мҩаԥысуан Архангельск, ԥхынҷкәын 6-9 рзы. Инар Нарманиа ифильм абри афестиваль аҿы аиааира агеит аноминациа "Иреиӷьу арежиссиор" ала.

Иара убасгьы афильм "Махаз сыхьӡуп" Жәларбжьаратәи акинофестиваль "KONIK Film Festival" (Москва) аҟны аԥхьахә аиухьан.

2016 шықәса рзы Аԥсны ихацыркын Миха Лакрба иновеллақәа рыла зметраж кьаҿу афильмқәа рҭыхра апроект.

Инар Нарманиа икиносахьа "Махаз сыхьӡуп" аԥхьахә аиуит

Аҭыхрақәа ирылагеит 2017 шықәса рзы, ихыркәшахеит 2018 шықәса рзы.

Аҟәатәи жәларбжьаратәи афестиваль аҿы акиносахьа иреиӷьу аԥхьатәи ах-фильмк рахь иаҵанакит.