Арадио

Коӷониа амҩаҿы игылоу акәалаԥ-еиқәаҵәақәа рзы: ула иабар аҭахым

Ажурналист Зарина Коӷониа адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны лгәаанагара лҳәеит амҩатә машәырқәа рҿы иҭахо ауааԥсыра ргәаларшәара иазку акәалаԥ-еиқәаҵәақәа Аԥсны ахаҿра ишаныԥшуа.
Sputnik
Коӷониа амҩаҿы игылоу акәалаԥ-еиқәаҵәақәа рзы: ула иабар аҭахым

"Акыр шықәса сзызхәыцуа зҵаароуп, избанзар иаҳа-иаҳа иацлоит амҩадуқәа рҿы игылоу аџьарқәа, аихатә кәалаԥқәа рхыԥхьаӡара. Абри угәы ҭнашьаауеит, улақәагьы ирбар рҭахым. Аӡәгьы игәы нсырхар сҭахым, избанзар агәхьаа закәу здыруеит. Ҳаргьы амҩатә машәыр аҟны иҳаԥхаз дыҟоуп, аха дахьҭахаз аҭыԥ аҟны акгьы ҳмыргылаӡеит, избанзар ауаа нхоит, иныҟәоит уа, иԥшӡам ҳәа ҳаԥхьаӡеит. Ҳара ҳҵас ала ауаҩы дахьҭахаз аҟынтәи иԥсы ааганы, ишахәҭоу еиԥш зегьы мҩаԥаагеит. Аԥсы ыҟоуп ҳәа ихаҳамҵои, уи аҭыԥ аиуӡом, анышә дахьамадоу акәу, мамзар акәалаԥ ргыланы акы ахьхырҭәало акәу, иахьцара азымдыруа ирыцҳахоит", - лҳәеит Коӷониа.

Лара иазгәалҭеит ас еиԥш ҳажәлар иртәышьҭрам аҵас аныҟәгара ахәҭаны ишылымбо, иара убасгьы ажәлар зегьы еицырзеиԥшу амҩаду аҟны досу ихы иҭашәо аҟаҵара шиашам.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аҟны.