Аоппозициа атәыла ахада иалхрақәа рыҿҳәара инахатәуп ҳәа адҵа ҟарҵоит

Аԥсны Апарламент аҿаԥхьа еизеит шәҩыла ауааԥсыра.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аоппозициа Аҟәа ақалақь аҿы амитинг мҩаԥыргоит, атәыла ахада иалхрақәа рыҿҳәара инахазарц.

Аоппозициа атәыла ахадас Аслан Бжьаниа икандидатура ықәдыргылоит

Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Еизаз дҵаны иқәдыргылоит атәыла ахада иалхра аҿҳәара - ԥхынгәы 21 иахыганы ҭагалан ахь ииаргарц, аоппозициаа рхада Аслан Бжьаниа игәамбзиара ҵаҵӷәыс иганы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьчаразы азеиԥшмилаҭтә еиҿкаара аштаб анапхгаҩы Ҭеимураз Хышба иазиԥхьаӡоит иҟоу аҭагылазаашьа иахьырԥшны алхрақәа ррыцхә аиҭакра алыршахар, уи адунеи ауаажәларра иднарбон аԥсуаа адемократиа апринципқәа ишрықәныҟәо ҳәа.

"Ауаҩы иԥсҭазаара еиҳау мал ыҟаӡам. Аслан Бжьаниа иҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иаҿуп", - иҳәеит иара.

Апарламент аилацәажәара ҷыдаҿы аоппозициаа ражәалагала иахәаԥшуеит.

Лаҵара 16 рзы Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа иара игәамбзиара иахҟьаны алхрақәа рыҿҳәара инахазарц адҵа ҟарҵеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара - Апарламент адепутат, аоппозициатә мчрақәа рыблок аицхантәаҩы Аслан Бжьаниа игәабзиара уашәшәырахан, Москва ақалақь ахәышәтәырҭақәа руак дҭарҵеит мшаԥы 18 рзы.

Аоппозициаа атәыла ахадас Аслан Бжьаниа икандидатура ықәдыргылеит Аԥсны аҳәынҭқарра ахьчаразы Азеиԥшмилаҭ еиҿкаара аизара ду аҿы лаҵара 2 рзы, уи игәабзиара аҭагылазаашьа иахьмырԥшкәа.