Апарламент аҿы азакәанеиҿкаара рыхьчоит азинхьчара аусзуҩцәа хәышәҩык

Аԥсны ахада иалхрақәа рыҿҳәара анахаразы лаҵара 20 рзы Аԥсны Апарламент аҿаԥхьа еизеит ауаажәларра.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik, Бадри Есиава. Хәышәҩык инарзынаԥшуа Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Апарламент аҿы азакәанеиҿкаара ахьчаразы инашьҭуп ҳәа адырра ҟаиҵоит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба.

Аоппозициа атәыла ахада иалхрақәа рыҿҳәара инахатәуп ҳәа адҵа ҟарҵоит

"Аминистрра аусзуҩцәа зегь рҭыԥ аҿы иҟоуп. Апарламент аӡбара иазыԥшуп. Ҳара иаҳуалны иҟоу ауаажәларра ршәарҭадара аиҿкаароуп. Зынӡа арахь иаагоуп 500-ҩык амилициа аусзуҩцәа", - иҳәеит Аршба.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рхада Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс.

Аԥсны Апрокуратура хада еиҿнакааит агәыԥ, Урыстәылатәи рколлегацәа аус рыцуны иҟалаз ахҭыс ҭырҵааразы.

Лаҵара 16 рзы Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа ажәалагала ҟарҵеит Аԥсны ахада иалхрақәа рыҿҳәара инахарц, рхада игәамбзиара иахырҟьаны.

Аԥсны ахада иалхра арыцхә ҳәа ишьақәыргылоуп ԥхынгәы 21, 2019 шықәса.