Ҳаџьымба: Бжьаниа иус атәыла ахадара алаҟьашьуп ҳәа ирҳәо ҵаҵӷәыдоуп

Лаҵара 20 рзы Аԥсны Апарламент аҿаԥхьа еизеит шәҩыла ауааԥсыра атәыла ахада иалхра аҿҳәара аиҭакра азҵаара аӡбаразы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аоппозициа рхада Аслан Бжьаниа ичымазара раԥхьа иргыланы анапхгаратә мчрақәа роуп изԥырхагоу ҳәа иҳәеит атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба.

"Аҵыхәтәантәи ахҭысқәа иахьа ишалацәажәо ала изԥырхагоу атәыла амчрақәа роуп раԥхьа иргыланы. Убри аан аоппозициа ма иара иадҳәалоу хаҿқәак иҟалаз знапы алаҟьашьу атәыла анапхгара роуп ҳәа ахырхарҭа арҭарц иаҿуп. Сара схы сырқьиоит ҳәа саҿым. Иҟоу ыҟам ҳәагьы сҳәом. Уи азы изыхәҭаны иҟоу апрокуратура аусбарҭақәа ыҟоуп. Ӡәыр ҷыдала кридыруаны дыҟазар, дааины иҳәааит", - иҳәеит иара.

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Апарламент аҿы абжьыҭирахь инаргоит алхрақәа ррыцхә анахара азҵаара

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргылоу, уи ашҳамыркра изун ауп иаанаго. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны Апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент атәыла ахада иалхра арыцхәс ишьақәнаргылахьеит 2019 шықәса ԥхынгәы 21 рзы.