Аҟәа ақалақь ахадара: акциа алахәылацәа Апарламент аҿаԥхьа арыцқьарақәа ирԥырхагоуп

Иахьа ҩымшуп Аԥсны аоппозициа атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа аанижьроуп ҳәа дҵаны иҟарҵеижьҭеи.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 21– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апарламент аԥхьа еизаны игыло ауаа абри адгьылҵакыра арыцқьара иаԥырхагоуп ҳәа Sputnik иазаанацҳаит Аҟәа ақалақь ахадара апресс-маҵзура.

Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит атәылаҿ имҩаԥысуа ахҭысқәа инарымаданы

Апарламент аԥхьа аҵакыра ақалақь акоммуналтә маҵзура анапы иануп. Аҭыԥ аҟынтәи еизаз агәамсам лаҵара 21 ашьыжь асааҭ фба рзы иқәган.

"Ауаа аԥссаҩцәа ирыҵаҟьоит. Аҭҭынцыблаахақәа иахьабалак икарыжьуеит. Рхымҩаԥгашьа хылаԥшра узаҭом. Ауаа рнапынҵақәа ддырҟаҵом", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Ахадара апресс-маӡаныҟәгаҩ лажәақәа рыла абри аҭыԥ аҿы аус руеит аԥссаҩцәа ҩыџьа.

"Урҭ ирылшо ҟарҵоит, аха еихьӡом. Иԥссаны иаалгеит шуҳәо агәам еизоит. Ахылаԥшра ҳҽазаҳшәоит аха иуадаҩуп", - лҳәеит лара.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рхада Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

Аҟәа ақалақь ахадара: акциа алахәылацәа Апарламент аҿаԥхьа арыцқьарақәа ирԥырхагоуп