Аԥсны алхратә комиссиа хада аусура хацнаркуеит

Аԥсны ахадас ахықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәеи акандидатцәәеи рҭаҩра иалагоит лаҵара 22 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 21 -Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахадас ахықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәеи акандидатцәәеи рҭаҩра иалагоит лаҵара 22 рзы ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны алхратә комиссиа ахада Ҭамаз Гогьиа.

Апарламент аҿы абжьыҭирахь инаргоит алхрақәа ррыцхә анахара азҵаара

"Алхрақәа ррыцхә анырҳәа инаркны аҽазыҟаҵарақәа ҳрылагахьан. Заанаҵы ишышьақәыргылаз еиԥш ҳусурақәа мҩаԥаагалоит", - иҳәеит иара.

Гогьиа иажәақәа рыла аҭагылазаашьазы алаҳәарақәа ҟаҵоуп.

Ацентртә алхратә комиссиа аԥшьгаратә гәыԥқәеи адепутатцәеи рҟынтәи адокументқәа рыдкылара иалагоит абжьыҭира арыцхә 40 мшы шагу. Аҭаҩрақәа ирылагоит абжьыҭира мызк шагу – рашәара 21 инаркны.

Ареспубликаҿы зынӡа аус рулоит 152 алхырҭатә ҭыԥ. Атәыла ахадас дҟалар алшоит дарбанызаалак милаҭла иаԥсыуоу, аԥсуа бызшәа здыруа, 35 - 65 шықәса ирҭагыло, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи ахәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо.

Ахада далырхуеит ҿҳәарас ҳәа хәышықәса иҭаны.