Аршба аиҿагыларақәа раан ААР аусзуҩцәа русура ахәшьара ҳарак аиҭеит

Ҩымш рыҩныҵҟа имҩаԥысуаз ақәгыларақәа рышьҭахь Аԥсны анапхгареи аоппозициеи ҳәоук иазааиит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 22 – Sputnik. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа аҿагыларатә акциақәа раан рнапынҵақәа шьахәла инарыгӡон ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба.

Ҳаџьымба ҷыдала азинхьчаҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит

"Уадаҩрак ыҟамызт. Аусбарҭа аусзуҩцәа рнапынҵақәа ишахәҭоу еиԥш инарыгӡон. Сара сгәаанагарала урҭ зегьы рхымҩаԥгашьа азакәан иақәшәо иҟан", - иҳәеит Аршба.

Лаҵара 20-21 рзы ауаажәларратә зинеиҿкаара ахьчара мҩаԥыргон 500-ҩык инарзынаԥшуа ААР аусзуҩцәа, амҩаҿ аҭагылазаашьа хылаԥшра арҭон 200-ҩык ААИ аинспекторцәа.

Ашәахьа, лаҵара 20 рзы Аԥсны аоппозициа Апарламент ахь инеиит атәыла ахада иалхрақәа рыҿҳәара инахарц азы адҵа ҟаҵо.

Аҿагыларатә акциа ҵаҵӷәыс иаман аоппозициаа раԥхьагыла Аслан Бжьаниа игәамбзиара. Иара идгылаҩцәа ргәаанагарала уи игәамбзиара адәныҟатә нырра иахҟьеит.

Аҵыхәтәаны аоппозициеи амчрақәеи реилацәажәара иалҵшәаны алхрақәа рыҿҳәара инахеит.