АҞӘА, лаҵара 23 — Sputnik. Бадри Есиава. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Алитература-мемориалтә музеи алахәхоит XXI Жәларбжьаратәи афестиваль "Интермузеи". Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.
"Сынтәа афестиваль иалахәхоит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Алитература-мемориалтә музеи. Амузеи аусзуҩцәа иаздырхиеит апавилион, темасгьы иамоуп - "Аԥсуа-аурыс шәҟәыҩҩцәа реимадара". Аҳәаанырцәтәи аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа Аԥсны ахь ирымаз абзиабара хацыркхон абри аҩны-амузеи аҟнытә", - лҳәеит Арсалиа.
Афестиваль "Интермузеи" хықәкы хаданы иамоуп жәларбжьаратәи акультуратә еимадарақәа рырӷәӷәара лҳәеит аминистр.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Алитература-мемориалтә музеи аиҳабы Светлана Қорсаиаԥҳа дазааҭгылеит аԥсуа делегациа афестиваль аҟны ахәаԥшцәа ирыдыргало атәы.
"Х-темак ҳамоуп: - "Агазеҭ "Аԥсны" шәышықәса ахыҵра", "Аурыс шәҟәыҩҩцәа Аԥсны", "Дырмит Гәлиа 145 шықәса ихыҵра", иара убас ирыдаагалоит афотоҭыхымҭақәеи, авидеонҵамҭақәеи, абаннерқәеи", - лҳәеит Қорсаиаԥҳа.
Раԥхьаӡа акәны аԥснытәи аделегациа афестиваль "Интермузеи" иалахәхеит 2017 шықәса рзы.