Амцакра иақәшәаз абжьаратә школ №2 ашҭаҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит

Аҟәатәи абжьаратә школ №2 аҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы шгази аушьҭымҭацәа ргәалаҟазаара шыҟази шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.
Sputnik

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Ааигәа амцакра ахьыҟаз аҩбатәи ашкол ашҭаҿы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы аргара аидеиа рыдкылан ашкол амца иамҽханакны ианыбылуаз амш азыҵәҟьа ҳәа еиҭалҳәоит ашкол адиректор Ирина Повирскер.

"Иахьа зегь шаҭаху иҟаҳҵоит, акызаҵәык, егьырҭ аклассқәа абзиараз ҳәа раҳәара ацеремониа ҳагхоит, избанзар ашкол ахыбра макьаназ ишәарҭоуп, ахәыҷы рацәа реизгара ҳҭахым. Ашкол ашҭа аныҳәатә ҟазшьа аҭаны еиҿкаауп, ирԥшӡоуп", - лҳәоит адиректор.

Амцакра иақәшәаз абжьаратә школ №2 ашҭаҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит

Адиректор аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит, ирзеиӷьалшьеит ԥхьаҟатәи амҩа лаша. Лара лажәақәа рыла, даҽа ҭыԥк аҿы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы аргара иашамызт.

Абылра ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы: Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаԥигеит>>

Адиректор ишылҳәаз ала, ашкол аиҭашьақәыргылара апроцесс цоит. Ахыб ықәырҵахьеит. Хара имгакәа аҩнуҵҟатәи аусурақәа ирылагоит. Ашкол ашҭа амузыкабжь, агәырӷьабжь ҭыҩуеит. Аушьҭымҭацәа аамҭак азы игәырӷьоит, аҽа аамҭак азы ргәы рыхьуеит рырҵаҩцәеи рышколи ахьынрыжьуа азы.

"Сара жәеиза шықәса абра аҵара сҵон. Даара агәахәара соуит аҵыхәтәантәи ҳаиԥырҵра абра иахьазгәаҳҭо. Даҽаџьара акәызҭгьы, ҳцәаныррақәа ҽакала иҟалон", - лҳәоит аушьҭымҭа Алика Касланӡиаԥҳа.

Амцакра иақәшәаз абжьаратә школ №2 ашҭаҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит

Аԥсны абираҟ шьҭыхны агимн анадырҳәа ашьҭахь ашкол адиректор ареспубликатәи ақалақьтәи Олимпиадақәа рҿы зҽалызкааз аҵаҩцәа рыхьӡ ҳәаны аҳаҭыршәҟәқәа рылҭеит.

Адлеиԥҳа: Аҟәа иблыз аҩбатәи ашкол аҿы актәи акласс ахь ахәыҷқәа рыдыркылоит>>

Сынтәа Александр Пушкин ихьӡ зху ашкол №2 иалгеит 38-ҩык аҵаҩцәа.

Аушьҭымҭацәа дрыдныҳәало, Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Гәарамиа иҳәеит аҵарашықәс ҿыц азы ашкол хымԥада ихиахоит ҳәа.

Иара аҵаҩцәа ирзеиӷьеишьеит қәҿиарала аԥышәарақәа рыҭира.

"Шәырҵаҩцәа ирылшо зегь ҟарҵон ауаҩра шәылхразы, шәдырра аизырҳаразы. Сара избон шәышкол абылра иананиа заҟа шәгәы шәыхьуаз, зегь аӡәк иеиԥш ишәҳәоз уи бзиа ишыжәбоз акәын. Агәра шәсыргар сҭахуп ашкол ишыҟаз аасҭагьы ишеиӷьхо", - иҳәеит Гәарамиа.

Амцакра иақәшәаз абжьаратә школ №2 ашҭаҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит

Аушьҭымҭацәа рыхьӡала ажәҩан иаҵәарахь ихалаҵан ԥшшәырацәала еидкылаз ампышҭа ҭарчқәа.