Ашколхәыҷқәа зҭаз амашьына Гагра амҩатә машәыр иақәшәеит

Гагра иахыкәшо амҩаду аҿы амашьына лас амҩатә машәыр иақәшәеит лаҵара 24 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Зырҵаҩы аԥсҟы лкыз ашколхәыҷқәа зҭаз амашьына Гагра амҩатә машәыр иақәшәеит лаҵара 24 рзы, абри атәы аарыцҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзураҟны.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Гагра иахыкәшаны ицо амҩаду даныланы дышцоз, амашьына аԥсҟы зкыз аԥҳәыс илызнымкылакәа, лымҩа дахҟьан, ажра дҭаҳаит. Аԥсҟы зкыз лыԥсҭазаара далҵит.

Амашьына лас иҭатәан 7-ҩык ашколхәыҷқәа, урҭ Гагратәи араионтә хәышәтәырҭахь инаргеит. Уи адкыларҭаҟны адырра шыҟарҵаз ала, ахәыҷқәа рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам, аԥсҟы зкыз дара рырҵаҩ лакәын.