"Илахҿыху ашьыжь": афонд "Ашана" аспорттә акциа хацнаркуеит

Акциа "Илахҿыху ашьыжь" афонд "Ашана" имҩаԥнагалоит ессабша, асааҭ 9:00 рзы Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аспорттә акциа "Илахҿыху ашьыжь" хацнаркуеит лаҵара 25 рзы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит афонд адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.

"Акциа амҩаԥгара ҳҭахижьҭеи акрааҵуан, агәабзиара зҩыда аларҵәаразы. Ҳара ичмазаҩу ахәыҷқәа ргәамбзиара аҭышәныртәалара ҳнапы ахьалаку инамаданы иаҳҭахуп ауааԥсыра зегьы ргәабзиаразҩыдарагь гәыгәҭаhмыжьырц. Акциа адгылара аиҭеит афонд ашьаҭаркыҩгьы", - лҳәоит афонд адиректор.

Акциа "Илахҿыху ашьыжьи" афонд "Ашанеи" ессабша, асааҭ 9:00 - 10:00 рзы Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы имҩаԥыслоит.

Аԥхьатәи акциа мҩаԥысуеит азыҟаҵаҩ Ксениа Даничева лнапхгарала.

Мактина Џьынџьалԥҳа дақәгәыӷуеит акциа рхы аладырхәып ҳәа аҳҭнықалақь ауааԥсыра реиԥш, асасцәагьы.

Лара иара убасгьы деигәыӷуеит акциа ареспублика егьырҭ ақалақьқәа рзынгьы иҿырԥшыгахап ҳәа.