Арадио

Мархолиаԥҳа "Илахҿыху ашьыжь" азы: ажәлар ргәабзиаразы ихацыркуп

Лаҵарамза 25 инаркны ессабша агәыҳалалратә фонд имҩаԥнагало акциа ззырхоу, насгьы уи хықәкыс иамоу атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит агәыҳалалратә фонд "Ашана" аусзуҩ Асида Мархолиаԥҳа.
Sputnik
Мархолиаԥҳа "Илахҿыху ашьыжь" азы: ажәлар ргәабзиаразы ихацыркуп

"Агәыҳалалратә фонд Ашана ихацнаркуеит акциа "Илахҿыху ашьыжь" ҳәа хьӡыс измоу. Иара хықәкыс иамоуп ҳажәлар ргәабзеира ацклаԥшреи абҩарҵәыра азҿлымҳареи рыларҵәара. Акциа аусура иалагоит ла амза 25 ашьыжь асааҭ жәба рзы Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху адәаҿы. Уи амҩаԥгаразы ааԥхьара лымоуп аԥышәа ду змоу Ксениа Даничева. Акциа аԥхын иалагӡаны имҩаԥыслоит, ессабша 45-45 минуҭ. Иара азҿлымҳара бзиа аиухьеит, ауаа рацәа аднаԥхьалап ҳәа агәыӷра ҳамоуп", - азгәалҭоит Мархолиаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.