Тереза Меи ԥхьатәара дышцо азы аҳәамҭа ҟалҵеит

Уаанӡа аҭыжьымҭа The Telegraph аҳәамҭа ҟанаҵахьан аԥыза-министр Тереза Меи Brexit акризис инадҳәаланы аминистрцәа реилазаара шынеибакәу адгылара лырҭом ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. Британиа ду аԥыза-министр Тереза Меи рашәара 7 рзы Аконсервативтә партиа аԥхьагылаҩык лаҳасаб ала лнапынҵақәа шышьҭалҵо атәы лҳәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Британиатәи апарламент Brexit асценари аҽазныкгьы иазышьақәмыргылеит

Brexit азы Меии Евроеидгылеи реиқәшаҳаҭра згәамԥхо апартиа алахәылацәа рықәыӷәӷәара иахҟьеит Меи иҟалҵаз аҳәамҭа.

Меи иара убри аан аԥыза-министр иҭыԥгьы нлыжьроуп, аха рашәара 7 рҟынӡа лара длыдылкылар лылшоит Британиа ду ҳәынҭқарратә визитла иаҭаауа ЕАА рхада Дональд Трамп.

Апартиа аԥхьагылеи аԥыза-министри ралхра апроцесс хацыркхоит рашәара 7 рышьҭахь. Уажәы уи акандидатурахь аԥыжәара имоуп ҳәа дрыԥхьаӡоит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Борис Џьонсон.

Ахаҿ ҿыцқәа арҭ аҭыԥқәа ныркылаанӡа Тереза Меи лнапынҵақәа налыгӡалоит.