Британиатәи апарламент Brexit асценари аҽазныкгьы иазышьақәмыргылеит

© Sputnik / РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкция сторонников Brexit в Лондоне
Акция сторонников Brexit в Лондоне - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Британиатәи апарламент Brexit асценариқәа рыԥышьба рҟынтәи еиҭахгьы акгьы рзалымхит.

АҞӘА, мшаԥы 2 – Sputnik. Британиатәи адепутцәа уажә ҩынтәуп Brexit алахьынҵа аӡбара рзамҭоижьҭеи. Атәыла Евроеидгыла алҵразы уаанӡа излацәажәахьаз авариантқәа рыԥышьба рҟынтәи акгьы рзалымхит, абжьыҭираан абжьеиҳа амоуит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Brexit   - Sputnik Аҧсны
Британиатәи апарламент Brexit арыцхә ҿыц азы рыбжьы рҭиит

Убри аан реиҳа адгылара зырҭоны иҟоу вариантны иҟоуп Британиа аҳазалхратә еилазаара ишалоу Евроеидгыла алҵра. Абри азы рыбжьы рҭиит 273 депутат, иаҿагылеит – 276 депутат.

Адгылара еиҳа изауа аҩбатәи асценари – британиатәи ареферендум ахь иарбанызаалак аиқәшаҳаҭра ацәыргара. Абри азы рыбжьы рҭиит 280 депутат, иаҿагылеит – 292-ҩык.

Британиа Европатәи хақәиҭралатәи ахәаахәҭратә ассоциациеи Европатәи аекономикатә зонеи рҿы аанхара азыԥхьагәазҭо асценари иадгылеит 261-ҩык адепутатцәа, иаҿагылеит 282-ҩык.

Уаанӡа, хәажәкыра 29 рзы Апарламент хынтәны мап ацәнакхьан Тереза Меи ирыдылгалаз аиқәшаҳаҭра. Мшаԥы 12 рзы Британиа евроеидгыла иаднагалароуп ԥхьаҟатәи аплан мамзаргьы убри аҽны аидгыла ааннажьроуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0