Арадио

Какоба еиҭеиҳәеит ашколхәыҷқәа рзы аԥхынтәи алагерқәа шеиҿкаахо

Ишԥеиҿкаахо ахәыҷқәа рзы аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа, иарбан лагерқәоу аҵара министрра еиҿнакаауа – абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.
Sputnik
Какоба еиҭеиҳәеит ашколхәыҷқәа рзы аԥхынтәи алагерқәа шеиҿкаахо

"Сынтәагьы еиҿкаахоит ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргыларазы, аԥсабара ахьчара, аекологиа аиқәырхара иазырхоу алагер Риҵатәи ареликттә парк аҿы. Ҵыԥхтәи ҳлагер иаҳнарбеит убарҭ рҩызцәа иаҳа алҵшәа шрымоу. Ахәыҷқәа ргәабзиара арӷәӷәаразы, ҳаԥсабареи дареи реибадырразы уи хра аланы ҳахәаԥшуеит. Аиҿкаара ауадаҩра дуқәа ацуп, ҵыԥх ирацәаны аусбарҭақәа ацхыраа ҳарҭеит. Сынтәагьы ҳақәгәыӷуеит ус еиԥш ҟалап ҳәа. Гәҭакыс иҳамоуп аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа Ауадҳарахь ргара. Иаҳа еиҵақәоу рзы ҳтәыла ашкол-интернатқәа рҿы еиҿкаахоит алагерқәа. Сынтәа ҩышықәсоуп Урыстәыла имҩаԥырго алагерь "Артек" ахь ааԥхьара ҳарҭоижьҭеи. Уахь ишьҭхоит аҵараҿы зҽалызкааз аҵаҩцәа. Абасала, еиҿкаахоит ахәыҷқәа рыԥсшьара аԥхынразы", - иҳәеит Какоба.     

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.