Арадио

Џьынџьалԥҳа "Илахҿыху ашьыжь" азы: алахәцәеи ахәаԥшцәеи рхыԥхьаӡара еиҟаран

Агәыҳалаларатә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аспорт аларҵәара иадҳәалоу акциа "Илахҿыху ашьыжь" шымҩаԥысыз атәы.
Sputnik
Џьынџьалԥҳа "Илахҿыху ашьыжь" азы: алахәцәеи ахәаԥшцәеи рхыԥхьаӡара еиҟаран

"Афонд "Ашана" акциа "Илахҿыху ашьыжь" ибзианы имҩаԥысит. Уи активла рхы аладырхәит 50-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәеи адуцәеи. Азыҟаҵаҩ идлырбоз аҽаршьцыларақәа зегьы нарыгӡон. Ахәаԥшцәагьы алахәцәа раҟара ыҟан. Ҳгәаанагарала, ахәаԥшцәа иааиуа асабша акциа рхы аладырхәар рылшоит. Иаҳбон шаҟа азҿлымҳара аадырԥшуаз. Абри акциала агәабзиара ахьчара, абаҩрҵәыра аҟаҵара агәыбылра дҳаркыр ҳҭахуп, ҳгәаанагарала, ҳхықәкы наҳагӡоит", - азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.

Шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир.