АҞӘА, лаҵара 26 — Sputnik. Урыстәылеи Коста-Рикеи рыбжьара авизатә режим аԥыхразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра амч аиуит лаҵара 25 рзы.
Ари адокумент инақәыршәаны Урыстәыла атәылауаа амчра змоу аҳәаанырцәтә тәылауаҩшәҟәқәа змоу ԥымкрада Коста-Рика иалалар ҟалоит 90 амзартә мшқәа рҟынӡа ҿҳәарас ирыманы. Уи адагьы, транзитла уи атәыла иалсуа рызгьы авиза аҭаххаӡом.
Урыстәылатәи абиометриатә паспорт Аԥсны иҟауҵар алшоит>>
Убри аан, Коста-Рика хымз иреиҳаны иаангылар зҭаху, аусура зҭаху ма акоммерциа иалахәхо авиза ҟарҵароуп.
Коста-Рика атәылауаагьы Урыстәыла иалалар рылшоит 90 амзартә мшқәа ҿҳәарас ирыманы.