Урыстәылатәи абиометриатә паспорт Аԥсны иҟауҵар алшоит

© Фото : BaltnewsБиометрический паспорт
Биометрический паспорт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи абиометриатә паспорт акыр иармариоит Шенгентәи аиқәшаҳаҭра иалоу атәылақәагьы налаҵаны адунеи атәылақәа жәпакы рахь авиза аиура.

АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа иазнархиоит урыстәылатәи абиометриатә паспорт аиуразы адокументқәа. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахԥатәи амаӡаныҟәгаҩ Турал Джавадов.

"Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьагара ҟанаҵоит иаабац аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы ацынхәрас абиометриатә паспорт аиуразы адокументқәа аларгалаларц", — иҳәеит иара.

Джавадов иажәақәа рыла абиометриатә паспорт акыр иармариоит Шенгентәи аиқәшаҳаҭра иалоу атәылақәагьы налаҵаны адунеи атәылақәа жәпакы рахь авиза аиура.

"Абиометриатә паспорт аҩныҵҟа иамоуп амикрочип, зыҟны афотосахьа, ахьӡ, ажәла, абхьӡ, аира арыцхә, апаспорт аномер уҳәа аныԥшуа. Уи инахырҳәҳәаны амикрочип абла аԥшшәы, анапышьҭа уҳәа аныԥшуеит", — иҳәеит Джавадов.

Ари адокумент еиуеиԥшым атәылақәа рҳәаа ахысра алнаршоит проблемада.

"Атәылақәа жәпакы рҳәаахыҵырҭатә пунктқәа рхысырҭаҿы игылоуп амыругақәа, амикрочип аинформациа ахызхуа. Ари апроцедура иармариоит аҳәаа иахысуа ауаа рзы адыррақәа рышьақәыргылара", — иҳәеит иара.

Уи адагьы аҳәаанырцәтәи апаспорт аҿҳәара хәышықәса инаӡозар, абиометриатә паспорт аҿҳәара жәашықәса инаӡоит.

Абиометриатә паспорт аиура алшоит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы, аконсултә шәарақәа мҩаԥысуеит Аҟәа, Ажәанба имҩа №9 аҟны. Апаспорт ахәԥса: 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рзы 2600 мааҭ иаԥсоуп, адуцәа рзы– 5200 мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0