Џьопуа еиҭеиҳәеит Џьанҭоу ирбаз ишәыгәны иҟоу амаҭәарқәа рҭоурых
© Sputnik
"Тҟәарчал иатәу Џьанҭоу аҳаблаҟны, 13 шықәса ҵуеит, ажәытә ԥсыжырҭаҟны, сҩыза Александр Скакови сареи аус ҳуеижьҭеи. Иҳаԥшааит еиларҭәоу амаҭәарқәа. Анкьа ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа аԥсуаа ҩынтәны ҳәа изышьҭоу аԥсыжра ҳаман. Ауаҩы данԥслак, акы днылаҳәаны ашәарах ахьзымнеиуаз аҵлаҟны дыкнарҳауан. Ицәеи ибаҩи анеилыҵлак ашьҭахь, аԥсцәа ԥыҭҩык анеизалак, ҭыԥк аҟны иганы аԥсыбаҩқәа ныҳәаны, амца еиқәҵаны ирбылуан. Аԥсыбаҩқәа злаҳәаз илымхкәа, аимхәыцқәа, ахәыдхаҵақәа шрымаз, ус ишыҟаз ирбылуан", - ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.