ААК атәыла ахада иалхра аҿҳәара аиҭакразы: ҳусура иаԥырхагам

Аԥсны Апарламент адепутатцәа аӡбра рыдыркылеит ԥхынгәы 21 аҟынтәи нанҳәа 25 рахь ахада иалхрақәа рыҿҳәара аиагаразы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Ԥхынгәы 21 аҟынтәи нанҳәа 25 рахь ахада иалхрақәа рыҿҳәара аиагара Ацентртә алхратә комиссиа аусура акала иаԥырхагам ҳәа иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Аԥсны Алхратә комиссиа ахада Ҭамаз Гогьиа.

"Ҳусура акала еиланахәом. Уаанӡа иҟаҳҵахьоугьы иаԥырхагам. Ҳаамҭа еиҳагьы иацнаҵоит", - иҳәеит иара.

Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит алхрақәа рыҿҳәара анахаразы Аконституциа азакәан аԥсахрақәа

Ахада иалхразы амзартә план адкыларазы Ацентртә алхратә комиссиа аилатәара мҩаԥнагараны иҟоуп Апарламент аҟынтәи аофициалтә документ анаиулак ашьҭахь иҳәеит иара.

"Азакәан аҿы иазгәаҭоуп: абжьыҭира аҿҳәаранӡа 60 мшы шагу ирылагоит аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи рҭаҩра. Урҭ хыркәшахоит алхрақәа 40 мшы шрыгу. Ажәакала абжьыҭира аҿҳәара ахыгара иаԥсахуеит аграфик зегьы", - иҳәоит Гогьиа.

Рауль Ҳаџьымба лаҵара 22 рзы аоппозициаа рықәгылара ашьҭахь ажәалагала ҟаиҵаны Апарламент ахь инеишьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" аԥсахрақәа ралагаларазы азакәан апроект.

Иахьа, лаҵара 28 рзы Аԥсны Апарламент иаднакылеит аӡбра атәыла ахада иалхрақәа нанҳәа 25 рахь ииагазарц.