Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп ашьапылампыл-маҷ азы А-Мобаил имҩаԥнаго аиндаҭлара

А-Мобаил Ахраҿаз ашьапылампыл-маҷ асра мҩаԥысраны ишыҟоу атәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.
Sputnik

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

А-Мобаил Ахраҿаз ашьапылампыл-маҷ афбатәи атурнир мҩаԥысраны иҟоуп астадионқәа "Дэм", "Совмин" рҿы лаҵара 28 инаркны рашәара 10 рҟынӡа. Аиндаҭлара иалахәхоит 32 команда еиуеиԥшым ақалақьқәеи аусҳәарҭақәеи рҟынтә. Аӡбараз иааԥхьоуп урыстәылантәи аӡбаҩцәа.

Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп ашьапылампыл-маҷ азы А-Мобаил имҩаԥнаго аиндаҭлара

А-Мобаил Ахраҿаз ашьапылампыл-маҷ афбатәи атурнир амҩаԥысра иазкыз апресс-конференциа аҟны атурнир аиҿкааҩ, аилахәыра А-Мобаил PR аҟәша аиҳабы Алина Ҳаџьымԥҳа иазгәалҭеит ауснагӡатә хықәкны иамоу аԥсҭазаара зҩыда амҩаԥгара аларҵәара шакәу.

Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп ашьапылампыл-маҷ азы А-Мобаил имҩаԥнаго аиндаҭлара

"Аусура иалаҳаргеит асаит www.football.a-mobile.biz. Уа иалшоит атурнир иалахәхар зҭаху рыҽҭаҩра, ма арзаҳал анашьҭра. Сынтәа акомандақәа рлахәылацәа рхыԥхьаӡара фҩык рҟынтәи хәҩык рахь илбаагеит. Уи иалнаршоит еиҳа ахәмарра ахаҭабзиара аиҿкаара", - лҳәеит лара.

Ҳаџьымԥҳа илҳәеит ауснагӡатә иахықәку аспорт аныҳәа аԥҵара шакәу. Урыстәылантәи иааԥхьоу аӡбаҩ Александр Комаров иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа ауаа рацәа шрыдрыԥхьало.

Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп ашьапылампыл-маҷ азы А-Мобаил имҩаԥнаго аиндаҭлара

"Аспорт ауаа еиднакылоит. Уи гәахәароуп", - иҳәеит арбитр.

Аилахәыра А-Мобаил PR аҟәша аиҳабы Алина Ҳаџьымԥҳа иеиҭалҳәеит фышықәса раԥхьа ауснагӡатә асеиԥш аҽарҭбаап ҳәа ишақәымгәыӷуаз.

"Ҳара ҳҽазаҳшәоит ауснагӡатә еиҳа-еиҳа ауаа рацәа алахәхарц", - лҳәеит лара.

Атурнир рҽаладырхәуеит рышықәс иахьмырԥшыкәа изҭаху зегьы. Ара еиндаҭлоит аилахәырақәа, аусҳәарҭақәа, анаплакқәа.

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны - "Ашьапылампыл-маҷ азы А-Мобаил Ахраҿа" информациатә партниорны иҟоуп.