Ааԥын блахкыга Sputnik аҭыхымҭақәа рыҟны

Sputnik

Ааԥын – Аԥсны реиҳа иԥшӡоу, иззыԥшу аамҭоуп. Аԥсабара еиуеиԥшым шәыгала иҽырбоит, шьыжьнаҵы иуҿахәмаруа амра ашәахәақәа ацәа уалырхуеит.

Ааԥынразы иҿыхоит амшын аԥшаҳәа. Амра иазхьаауаз ауааԥсыра адәахьы идәылҵуеит, амра рҽаҭаны итәоит.

Зегь раасҭа ааԥынра иазыԥшуп ашколхәыҷқәа. Лассы иааиуеит аԥсшьарамш дуқәа.

1 / 20
Ааԥын амшын ахь "шәарыцара" ицәырҵуеит аԥсыӡкцәа
2 / 20
Иҟоуп аиога еиҳа бзиа ибаны амра аԥхарра зҽазҭогьы.
3 / 20
Ааԥынра шааилак абарҵеиужьқәа рахь инеины акаҳуа инахәо инатәоит аҭыԥантәи ауааԥсыра
4 / 20
Ааԥынтәи аԥсабара аҭыхразы асахьаҭыхыҩ еиҳа убла хызкуа аԥшшәхәқәа алихуеит.
5 / 20
Ашколхәыҷқәа рҵара хдыркәшеит, раԥхьаҟа ирзыԥшуп аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа.
6 / 20
Ааԥын – аҟәатәи амшын аԥшаҳәаҿы ашәҭқәа рыфҩыхаа лаҳалаҳауеит.
7 / 20
Аԥшәмацәа адәахьы идәылыргоит рыҩнытәԥстәқәа ршьапеиҵыхразы.
8 / 20
Ашьыжь аԥсаатә рашәаҳәабжь хаа уарҿыхоит.
9 / 20
Асахьаҭыхыҩцәа асахьа ссирқәа раԥҵаразы агәаҳәара рызҭо ааԥын аԥштәқәа рылаԥш хырхуеит.
10 / 20
Ари алагьы амреи амш бзиеи иреигәырӷьоит.
11 / 20
Иҟоуп зхала анеиааира бзиа избо, ма иреиӷьишьо ашәҟәыҩҩы иаԥҵамҭа зҽалазхало.
12 / 20
Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы аԥсыӡкыҩцәа рус иазҿлымҳауп.
13 / 20
Чики Никеи уанрывагылоу иухамшҭуа акадрқәа ҟалоит.
14 / 20
Ааԥын - агәҭахәыцрақәа ираамҭоуп.
15 / 20
Асыԥсақәа ихырҩоз ашьха ҳаракқәа рыԥшшәы рыԥсахуеит
16 / 20
Амра гәхьаазгоз аҳҭнықалақь ауааԥсыра аамҭак шаароулак адәахьы ицәырҵуеит.
17 / 20
Ақалақь анҭыҵ зынӡа аҽакала иԥшӡоуп ааԥынра
18 / 20
Ааԥынра "иацышәҭуеит" аҭыԥантәи аҭыԥҳацәагьы
19 / 20
Зегь раасҭа амш бзиақәа иреигәырӷьоит ахәыҷқәа
20 / 20
Ҳәарада, ааԥынразоуп амраҭашәамҭа еиҳарак улаԥш аныхнакуа.