Анаркотикқәа мҩанызгоз ахаҿы Шәача ԥшьышықәса аҭакра иқәырҵеит

Аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагаразы иаанкылаз Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаҩ иганахьала ахарадҵа амч аиуеит абҵара 26 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 29 – Sputnik. Аԥсны аҵакыраҿы инхо 40 шықәса зхыҵуа Урыстәыла атәылауаҩ Адлертәи араионтә ӡбарҭа ԥшьышықәсеи мызки аҭакра иқәнаҵеит азеиԥш ныҟәгарала ахгарала, аурыс-аԥсуа ҳәааҟны зеиԥш капанла 0,97 грамм иҟаз анаркотикатә маҭәашьар N-метилефедрон ахыгаразы иҟаиҵаз аҽазышәара харас идҵаны. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә азы Урыстәылатәи ФСБ иатәу Аҳәаахьчаратз маҵзура апресс-маҵзура.

Амобилтә цҵа ахархәарала анаркотикқәа рылазырҵәоз ахаҿы даанкылоуп

Анаркотикмҩангаҩ аурыс-аԥсуа ҳәаа данахысуаз даанкылан ажьырныҳәа анҵәамҭазы.

Хаҭалатәи игәаҭараан уи иџьыбаҟны иԥшаан иеилкаам, наркотикуп ҳәа гәҩарас ироуз, амаҭәашьар згәылаз аилаҳәара. Иаанкылаз иаразнак иаартны иҳәеит уи "аџьыкахыш" ҳәа изышьҭоу анаркотик шакәыз.

Ирбаз амаҭәашьар имхны Шәача ақалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аексперт-криминалисттә ҟәша аекспертизахь инашьҭын, уа ишьақәдырӷәӷәеит аилаҳәара иагәылаз амаҭәашьар анаркотик N-метилефедрон шакәыз.

Аматериалқәа рыҭан Шәача ақалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусҭҵааҩцәа. Анаркотикатә маҭәашьарқәа аҳәынҭқарратә ҳәаа контрабандала рахыгара аҽазышәаразы аҳәаанырцәтә тәылауаҩ иганахьала ашьаусҭҵаара хацыркын.

Аӡбарҭа ахарадҵа иқәнаҵеит, уи амчра аиуеит.