Арадио

Бжьаниа Сергеи Багаԥшь изы: лассы-ласс дугәаламшәар залшом

Аиҳабыратә информациеи амассатә коммуникациақәеи русбарҭа ԥасатәи ахада Кристиан Бжьаниа арадио Sputnik аҟны дигәалаиршәеит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь.
Sputnik

Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит лаҵара 29, 2011 шықәсазы.

Бжьаниа Сергеи Багаԥшь изы: лассы-ласс дугәаламшәар залшом

"Сергеи Уасил-иԥа иеиԥш ауаҩы лассы-ласс дугәаламшәар залшом. Насгьы ҳазҭагылоу аамҭазы убас еиԥш ахҭысқәа ҟалалоит, иара ианиаамҭаз ишыҟаз угәалазыршәо. Аҩнуҵҟатәи ҳҭагылазаашьа, ауадаҩрақәа ртәы ҳҳәозар - усҟангьы имариамызт иахьеиԥш. Амала иара урҭ ирзыҟазаашьеи уажәтәи азнеишьеи узеидкылом. Лассы-ласс иусушьа сгәалашәоит, ауаа дшырзыҟаз. Иара мышкы иԥсы ишьомызт, ҳцалон Нхыҵ-Кавказ, Урыстәыла. Есымша уск инапы алакын", - иҳәеит Бжьаниа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.