Арадио

Габниаԥҳа "Агәы хьшәашәа" абжьы ахаҵара атәы: гәыкала исыдыскылеит

Ашәаҳәаҩ Саида Габниаԥҳа Sputnik арадио иазеиҭалҳәеит "Агәы хьшәашәа" амультфильм аԥсышәала адублиаж аҟаҵара дшалахәыз атәы.
Sputnik

Амультфильм "Агәы хьшәашәа" адублиаж ҟаҵан акиностудиа "Аԥсуафильм" аҟны. Аӡыргара мҩаԥысуеит ахаша, лаҵара 29 асааҭ 18 рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониаҟны.

Габниаԥҳа "Агәы хьшәашәа" абжьы ахаҵара атәы: гәыкала исыдыскылеит

"Абжьы лхасҵон амультфильм аперсонаж хада Ельза. Лара лоуп агәы хьшәашәа ҳәа ззырҳәо. Аиашазы, абжьы ахабҵоит ҳәа ансеиҳәа арежиссиор, маҷк абри сара истәымзар, ҟазшьала ҳаиԥшымзар ҟалап ҳәа сгәы иаанагеит. Аха аусура саналага, ароль хәыҷы-хәыҷла исзааиуа иалагеит. Амультфильм изныкымкәа ҳахәаԥшит, схәыҷқәагьы бзиа ирбоит. Виачеслав Аблоҭиа иансыдигала, хымԥада, гәыкала исыдыскылеит иааԥхьара", - ҳәа азгәалҭеит Габниаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.