Гәдоуҭеи Афон Ҿыци адиспансеризациа мҩаԥгахоит араионтә хәышәтәырҭақәа рҿы

Аԥсны иахьаҵанакуа азеиԥш диспансеризациа мҩаԥысуеит мшаԥы 5 инаркны рашәара 9 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 29 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гәдоуҭеи Афон Ҿыци рҟны адиспансеризациа мҩаԥгахоит араионтә хәышәтәырҭақәа рҿы лаҵара 28 инаркны рашәара 3 рҟынӡа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла ФМБА амедицинатә отриад аҳақьым хада Борис Александров.

Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ихыркәшахеит азеиԥш диспансеризациа

Александров иазгәеиҭеит аотриад ишалахәу 50-ҩык аҳақьымцәа, урҭ рҟынтәи хәҩык ахәыҷқәа ирҳақьымцәоуп.

Урыстәыла ФМБА амедицинатә отриад аҳақьым хада Борис Александров уаанӡа иҳәахьан мшаԥы 5 - 25 ирҭагӡаны аконсультациа иахысит 6128-ҩык ауаа, урҭ рҟынтәи 1274–ҩык ахәыҷқәа ҳәа.

Иара убасгьы иҳәеит ԥшьнызқь рҟынӡа лабораториатә ҭҵаара шымҩаԥгоу, 5000 рҟынӡа чымазара шаарԥшу. 40-ҩык рҟынӡа иаразнактәи амедицинатә цхыраара рзыҟаҵан.

Аҟәа араион аҿы адиспансеризациа мҩаԥысит лаҵара 14-20 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы - лаҵара 21 - 27 рзы, Гәдоуҭеи Афон Ҿыци рыҟны адиспансеризациа мҩаԥгахоит араионтә хәышәтәырҭақәа рҿы лаҵара 28 инаркны рашәара 3 рҟынӡа, Гагра араиони Пицундеи имҩаԥгахоит рашәара 4 - 9 рзы.