Арадио

Сақаниа еиҭеиҳәеит ақыҭақәа рҟны уцәаӷәартә изыҟам иахьазы

Гәдоуҭатәи амашьына-трактортә станциа аиҳабы Лавренти Сақаниа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ацәаӷәара аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу араион аҟны.
Sputnik
Сақаниа еиҭеиҳәеит ақыҭақәа рҟны уцәаӷәартә изыҟам иахьазы

"Гәдоуҭа араион аҟны хәажәкыреи мшаԥыи амзақәа рзы ауп адгьыл анаҳцәаӷәаз. Лаҵарамзазы аарҩара цәырҵит. Атехника рацәаны иҳамоуп. К-700 ҳәа изҿу атрактор акәзар 25 гектар ҽнак иацәаӷәоит. Аиаша уҳәозар, алаҵарагьы ҩымшҟа роуп иҵуа ҳалагеижьҭеи, уигьы рацәак уаҩы иҭахым. Ақыҭақәа рҟны иахьазы иахьыуцәаӷәа ыҟам, адгьыл иҩеит", - иҳәеит Лавренти Сақаниа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.