Валери Бганбеи Витали Муткои Москва еиԥылеит

Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩцәа реиԥылара мҩаԥысит лаҵара 29 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Аԥыза-министр Валери Бганбеи Урыстәыла аиҳабыра ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Муткои алацәажәеит 2017-2019 шықәсазтәи афинанстә цхыраара амҩаԥгашьеи Аинвестпрограмма анагӡашьеи. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩцәа реиԥылара аан иара убасгьы иалацәажәеит изаамҭанытәиу Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара амшхәаԥштә азҵаара.

Иара убасгьы аилацәажәара аихшьаалақәа рыла аминистррақәеи аусбарҭақәеи рҿаԥхьа иқәыргылан адҵақәа, аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡаразы.

Аиԥылара аԥснытәи аганахь ала иалахәын аԥыза-министр Валери Бганба, афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба, Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

Аиԥылара урыстәылатәи аганахь ала иалахәын аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Мутко, Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр Сергеи Чеботарев, аҳәаахьчаратә усеицуразы атәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы Алексеи Филатов, аинвестицитә проектқәа Рдепартамент адиректор Денис Травин.