Арадио

Џьынџьалԥҳа акциа "Иқьиоу акартош" азы: ахәыҷ чымазаҩцәа рзы аԥара еизгахоит

Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы еиҿыркаауа акциа атәы.
Sputnik
Џьынџьалԥҳа акциа "Иқьиоу акартош" азы: ахәыҷ чымазаҩцәа рзы аԥара еизгахоит

Рашәарамза акы  - Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш ауп.

"Ԥшьышықәса ҵуеит шьҭа атрадициа ҳамоуижьҭеи рашәарамза аказы ақьафурҭа Aburger аҟны акциа “Иқьиоу акартош» амҩаԥгара. Уи аҽны акартош иахҭнырхо аԥара зегьы ахәыҷқәа рыхәшәтәразы афрнд иахырԥхьаӡалоит аԥара", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Лара еиҭалҳәеит акциа шымҩаԥысуа, уи зхы алахырхуа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.