Арадио

Аҩӡба Приморсктәи аӡырԥхақәа рзы: аҵыхәтәантәи ҩышықәса аҭааҩцәа иаҳа имаҷуп

Приморск ақыҭаҟны иҟоу аӡырԥхатә комплекс "Цәкәара" аиҳабы Руслан Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит русушьа атәы.
Sputnik
Аҩӡба Приморсктәи аӡырԥхақәа рзы: аҵыхәтәантәи ҩышықәса аҭааҩцәа иаҳа имаҷуп

"Аӡырԥха ахьӡ бзианы еицырдыруеижьҭеи акыр ҵуеит, ауаа ирыхәоит. Аԥсныҟа ауаа рацәаны ԥсшьара ианаауа ҳара ҳӡырԥхагьы иаҭаауеит. Приморск иҟаз аԥжәарақәа рышьҭахь, нас арҭ аҩышықәсак рхыԥхьаӡара иаҳа еиҵан аԥсшьаҩцәа. Иҟалап урҭ рхыԥхьаӡара Аԥсынгьы иаҳа иахьеиҵаз иахҟьазаргьы. Аҭыԥаҟны дҳамоуп амедеиҳәшьа, егьыс абжьгарақәа зҭаху рзы Гәдоуҭантәи аҳақьым дааҳаԥхьоит", -  иҳәеит Аҩӡба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.