Логәуа ансамбль "Ерцахә" азы: иахьатәи аамҭеи аҭоурыхи еиҿыбааны аусура ҳаҿуп
© Sputnik
"Ҳара иахьатәи аамҭеи аҭоурыхи еиҿыбааны аусура ҳаҿуп. Избанзар, 45 шықәса раԥхьа иҟаз ахореографиа, ицқьоу афольклор - уи аҩыза ҟаҵашьа амаӡам, уи ауеит ансамбль аҿы абыргцәа ыҟазар. Уажәы аӷәра узынкылаӡом, аҿиара ԥхьаҟа ицоит. Ахореографиаҿы иҟоуп аклассика, уи зегьы шьаҭас иамоуп. Ҳаргьы иҳамоуп узвымсуа ахореографиатә композициақәа, ус еиԥш аҭаца даамгакәа аҿиара ҟалаӡом. Ажәлар идырҿиазгьы аиҭаҵшьа аформа амазароуп, усҟаноуп уара иутәу акәашарагьы анаанхо", – ҳәа азгәеиҭеит Логәуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.