Наҷҟьебиа: Аԥсны ҳлитературала адунеи иалаурҵәар улшоит
© Sputnik
"Ҳара иҳамоуп азхаҵара ҳәынҭқаррақәак рҟынтәи аха уи азхаӡом, аполитикатә азхаҵара ҳауаанӡа иҳалшоит ҳтәыла алитературала аӡыргара. Ҳара иҳамоуп хар змам алитература, иахьцәыраҳгалакгьы ҳацәыԥхамшьартә ҳаҟоуп. Ҳлитература адунеи аларҵәара нап аҳаркыроуп. Раԥхьа инаргыланы Франциа, избанзар Франциа адунеитә литература аҳҭнықалақь ҳәа иԥхьаӡоуп. Аԥсуа поезиа ажәабжьқәа афранцыз бызшәала еиҭаганы иҭыжьны, аӡыргара ҟаҵаны, телехәаԥшрала, агазетқәа рҿы ҳаӡбахә рҳәар, уи даараӡа акраҵанакуеит аԥсуаа ҳзы", – ҳәа азгәеиҭеит Наҷҟьебиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.