Азеиԥш диспансеризациа хыркәшахоит Гагра араион ала

Аԥсны иахьаҵанакуа азеиԥш диспансеризациа мҩаԥысуеит мшаԥы 5 инаркны рашәара 9 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 4– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гагра араион аҟны адиспансеризациа мҩаԥгахоит рашәара 4 -10 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араионтә хәышәтәырҭа аиҳабы Виачеслав Аргәын.

Рашәара 4 - 5 асааҭ 9:00 - 18:00 ауааԥсыра рыдыркылоит Бзыԥҭа.

Гәдоуҭа араион аҿы адиспансеризациа иахысит хәышәҩык ауааԥсыра

"Изҭаху зегьы рыдыркылартә еиԥш аҭагылазаашьа ҟаҵоуп ақыҭсовет ахыбраҿы. Жәохә уада рҟны амедицинатә усзуҩцәа рҭыԥ ылхуп", - иҳәоит Аргәын.

Урыстәыла ФМБА амедицинатә отриад аҳақьым хада Александров иазгәеиҭеит адиспансеризациа ишахысыз Гал, Тҟәарчал, Очамчыра, Гәылрыԥшь, Аҟәа, Гәдоуҭа араионқәеи аҳҭнықалақьи афон Ҿыци, иҳәеит аотриад ишалахәу 50-ҩык аҳақьымцәа, урҭ рҟынтәи хәҩык ахәыҷқәа ирҳақьымцәоуп.

Урыстәыла ФМБА амедицинатә отриад аҳақьым хада Борис Александров уаанӡа иҳәахьан мшаԥы 5 - 25 ирҭагӡаны аконсультациа иахысит 6128-ҩык ауаа, урҭ рҟынтәи 1274–ҩык ахәыҷқәа ҳәа.

Иара убасгьы иҳәеит ԥшьнызқь рҟынӡа лабораториатә ҭҵаара шымҩаԥгоу, 5000 рҟынӡа чымазара шаарԥшу. 40-ҩык рҟынӡа иаразнактәи амедицинатә цхыраара рзыҟаҵан.

Гәдоуҭеи Афон Ҿыци адиспансеризациа мҩаԥгахоит араионтә хәышәтәырҭақәа рҿы

Аҟәа араион аҿы адиспансеризациа мҩаԥысит лаҵара 14-20 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы - лаҵара 21 - 27 рзы, Гәдоуҭеи Афон Ҿыци рыҟны адиспансеризациа мҩаԥган араионтә хәышәтәырҭақәа рҿы лаҵара 28 инаркны рашәара 3 рҟынӡа, Гагра араиони Пицундеи имҩаԥгахоит рашәара 4 - 9 рзы.

Ауааԥсыра рҟны аиҳарак ргәамбзииара иахырхарҭаны иҭҵаауп: агәыхь, ада, акьыба, аҷаҷа чымазарақәа ҳәа аихшьаалақәа ҟаиҵеит аҳақьым.