Еиҭахарада: ConIFA-2019 раԥхьатәи амшқәа рылҵшәақәа

Европа ачемпионат ConIFA-2019 мҩаԥысуеит Ашьха Ҟарабах.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампыл азы Европа ачемпионат ConIFA аҟны рашәара 3 имҩаԥысит аҩбатәи ахәмарратә мшы. Абри аҽны Аԥсны акоманда атурнир аҿы аҩбатәи аиааира агеит.

Аԥснытәи ашьапылампыласцәа Сапми акоманда иаиааиит

Аԥсны акоманда Сапми (Лапландиа) акоманда ианацыхәмаруаз х-кәаталак аманы иҟан (Аԥсны - Чамериа 3:1 – аред.). Аԥснытәи акоманда аԥыжәара аиуан плеи-офф астадиахь изнеир, иара убри аамҭазы ицоз ахәмарраҿы (Ашьха Ҟарабах- Чамериа) аҿы х-очкок змаз Ашьха Ҟарабах акоманда аиааир.

Аха, Чамериа 3:1 ҳәа ииааиит. Аԥснытәи акомандагь 1:0 ҳәа ииааиит. Ҩ-хәмаррак рышьҭахь ҳкоманда аочкоқәа фба амоуп. Ашьха Ҟарабахи Чамериеи хԥа-хԥа кәатала рымоуп, Сапми макьаназ кәаталакгьы амам.

Агәыԥ "В" аҿы ихәмаруаз Паданиа 2:1 ҳәа Аахыҵ Уаԥстәыла иаиааиит. Мраҭашәаратәи Ермантәыла 5:0 ҳәа Сикеитәи атәылаҿацә иаиааиит.

Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа Рассоциациа ConIFA, шьаҭаркын рашәара 7 2013 шықәса рзы. Еиднакылоит FIFA иалам 40 команда.