Аԥснытәи акоманда ConIFA-2019 аплеи-офф ахь инеит

Аԥсныи Ашьха Ҟарабахи ркомандақәа рыхәмарра ақалақь Мартуни имҩаԥысит рашәара 4 рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи еизгоу акоманда агәыԥ "А" иҭыҵит, Ашьха Ҟарабах акоманда 1:1 ҳәа ианацыхәмар ашьҭахь.

Аԥсныи Ашьха Ҟарабахи ркомандақәа рыхәмарран аԥснытәи акоманда иалахәын: Инал Қацәба, Георги Дгьебуаӡе, Лев Бабурин, Георги Жанаа, Асҭамыр Ҵышәба, Алан Хугаев, Лев Ҭарба, Шабаҭ Логәуа, Даниил Чрыгба, Данило Арӡынба, Дмитри Маскаев.

Аԥснытәи ашьапылампыласцәа Сапми акоманда иаиааиит

Ахәмарра аламҭалаз аԥснытәи акоманда ф-очкок аман, Ашьха Ҟарабахи Чамериеи хԥа-хԥа очко рыман, Сапми очкода иаанханы иҟан. Атурниртә таблица инақәыршәан аԥснытәи акоманда агәыԥ иалҵырц азы ма иаиааир акәын, ма еиҭахарыла ихәмарыр акәын.

Ахәмарра ианалага инаркны аԥснытәи акоманда ахәмарра ԥшӡа ҳнарбеит. Ампыл шамахамзар адәагәҭаҿы иҟамызт. Уажәы-уажәы амба иажәлон.

Аабатәи аминуҭ азы Дмитри Маскаев ампыл ззынеишьҭыз Шабаҭ Логәуа уи амба аҭаршәра илиршеит.

Аха, 33-тәи аминуҭ азы ҳамба ампыл ҭаиршәит  Ҟарабах ахәмарҩы Норик Мкртчиан.

Агәыԥ "А" иара убасгьы иҭыҵит Чамериа, Сапми (Лапландиа) 4:0  ҳәа ианаиааи ашьҭахь.

Рашәара 7 2013 шықәса рзы еиҿкааз ConIFA иахьазы еиднакылоит FIFA иалахәым 40 команда.