Арадио

Ҳаразиа Ханты-Мансииск имҩаԥысуа ахәмаррақәа рзы: аицлабрақәа сгәаԥхеит

Амҵәышәымпыласҩы қәыԥш Сандро Ҳаразиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ханты-Мансииск имҩаԥысуа ахәмаррақәа рҟны иаадырԥшыз алҵшәақәа ртәы.
Sputnik
Ҳаразиа Ханты-Мансииск имҩаԥысуа ахәмаррақәа рзы: аицлабрақәа сгәаԥхеит

"Сара арҭ аицлабрақәа даара исгәаԥхеит. Урҭ ирылахәызгьы ибзианы рхы аадырԥшуан. Ҳара Аԥснынтәи иааз актәи аҭыԥ ҳгеит. Ҳрыцыхәмарит Таџьыкисҭан, Урыстәыла, Узбекисҭан, Монголиа акомандақәа. Зегь раасҭа ишәарҭаз аурысцәа ркоманда акәын,  Ҟрымынтәи иҟаз аспортсменцәа. Атурнир ашьҭахь атеатр ахь ҳцеит, апарк ҳаҭааит, иаҳбаз ҳгәаԥхеит", - иҳәеит Ҳаразиа.

Аџьынџьуаа қәыԥшцәа V Адунеизегьтәи рыхәмаррақәа Ханты-Мансииск имҩаԥысуеит рашәара 1 инаркны 6 рҟынӡа. Уи иалахәуп 61 тәыла рхаҭарнакцәа. Аԥснынтәи иалахәу аспортсменцәа 14 -15 шықәса рхыҵуеит.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир.