Аԥсны амилаҭтә команда ахәмарра ду аламҭалаз аҽазыҟаҵара маҷ мҩаԥнагеит

Аԥсны амилаҭтә команда афиналбжатә хәмарра мҩаԥнагоит рашәара 6 асааҭ 17:30 рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампыл азы Европа ачемпионат ConIFA-2019 афиналбжатә хәмарра аламҭалаз аԥснытәи акоманда аҽазыҟаҵара мҩаԥнагеит ҳәа ааицҳауеит ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Манаргиа.

"Шьыжьнаҵы акоманда алахәылацәа абаҩрҵәыра мҩаԥыргеит. Ахәмарраҟынӡа ирымоу аамҭа аԥсшьара иаздырхоит", - иҳәоит иара.

Афиналбжаҿы Аԥсныи Мраҭашәаратәи Ермантәылеи ркомандақәа еиԥылоит

Иацтәи амш акультуратә программа иазырхан. Аԥснытәи акомандагьы, егьырҭ акомандақәа реиԥш, атәыла аҭыԥ ԥшӡарақәа ирҭаан ирбеит, амилаҭ ҟазара иазааигәаны ирдырыртә еиԥш аҭагылазаашьа роуит.

Аԥсныи Мраҭашәара Ермантәылеи ркомандақәа афиналбжаҿы еиқәшәоит рашәара 6 асааҭ 17:30 рзы, Аахыҵ Уаԥстәылеи Чамериеи рфиналбжатә хәмарра мҩаԥысуеит асааҭ 15:00 рзы.

Sputnik Аԥсны асаит аҿы идырбахоит ишиашоу ицо аефир.

ConIFA рашәара 7 2013 шықәса рзы ишьаҭаркуп. Еиднакылоит FIFA иалам 40 команда. 2016 шықәса рзы атурнир Аԥсны имҩаԥган. Аԥснытәи акоманда аиааирала ахәмаррақәа хыркәшахеит.