Арадио

Аҩӡба: сынтәатәи ConIFA ачемпионат иаҳа ихьысҳауп

Ажурналист Бадраҟ Аҩӡба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны ахҳәаа рзиуит Шьхатәыла Ҟарабах имҩаԥысуа ConIFA аверсиала Европа ачемпионат ахәмаррақәа.
Sputnik
Аҩӡба: сынтәатәи ConIFA ачемпионат иаҳа ихьысҳауп

"Сара хәаԥшҩык иаҳасабала имӡакәа исҳәоит - сынтәатәи ачемпионат иалахәу акомандақәа рыхәмарра уиаҟара иҳаракуп сзыҳәом. Уаанӡа имҩаԥысуаз атурнирқәа ҳбахьан, рыхә ҳшьаратәы ҳаҟоуп. Усҟан акомандақәа иаҳа иӷәӷәан уҳәар алшоит. Акомандақәа зегьы иаарылукаартә иҟоуп Аԥснытәи. Аԥхьатәи ахәмарраҟны ихьысҳазҭгьы, анаҩс хәмаррацыԥхьаӡа рымчқәа аадырԥшуеит", - иҳәеит Аҩӡба.

Иахьа Аԥсны еизгоу ашьапылампылтә команда иацхәмаруеит Алада Ермантәылатәи ашьапылампыласцәа. Ахәмарра иалагоит ахәылбыҽха, асааҭ 17:30 рзы.

Шәазыӡырыҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.