Арадио

Аҩӡԥҳа: ахәыҷы жәлар рмузыка агәыбылра аник, ҩнуҵҟала дарбеиуеит

Аҟәатәи аҳәынҭқарратә Акультура аҵараиурҭа аиҳабы Сира Аҩӡԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит аҵараиурҭаҟны жәлар рмузыка арҳәагақәа азҿлымҳара ахьынӡарымоу.
Sputnik
Аҩӡԥҳа: ахәыҷы жәлар рмузыка агәыбылра аник, ҩнуҵҟала дарбеиуеит

"Ауаҩы дшыхәыҷу жәлар рмузыка, мамзаргьы жәлар рарҳәагақәа ргәыбылра аник, уи аԥхьаҟа дыԥхасҭахаӡом, избанзар аԥсуа жәалр рашәақәа ҩныҵҟала ддырбеиуеит. Жәлар рмузыка арҳәагақәа хәыҷык иаҳцәыӡыртә амҩа ҳақәгылан, убри еснагь иҭабуп ҳәа ахысҳәаауеит Аԥсны анапхгара, акультура аминистрра адгылара ахьҳарҭаз, иахьеиқәҳархаз. Уи иалҵшәаны аҿар аҵараиурҭаҟны аӡәы аԥхьарца, ҽаӡәы аҿарпын икуп, адаул асцәа ҟалеит, уаареигәырӷьартә иҟоуп. Арҵаҩцәа реилазаара даара агәахәара узҭо ҭаацәароуп ҳәа сҳәар сылшоит. Дара рхала рус рдыруеит, профессионалцәоуп», -  лҳәеит Аҩӡԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны рашәарамза 5-6 рзы Аҟәатәи аҳәынҭқарратә Акультура аҵараиурҭа аҵарашықәс еихызшьаало ақәгыларақәа мҩаԥысуеит.