"Азҵааранҵа": аԥсуа фольклор аизгаразы иҿыцу амҩақәа аанартуеит

"Аԥсуа фольклор аизгаразы азҵааранҵа" захьӡу ашәҟә ҿыц аӡыргара мҩаԥысит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҿы рашәара 6 рзы.
Sputnik

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа иредакциала акьыԥхь збаз ари ашәҟәы аҭыҵра аԥсуа фольклори аетнографиеи рыҭҵаара аус аҿы иазгәаҭатәу хҭысны иҟалеит, избан акәзар адәынтәи аԥшаарақәа раан зыда ԥсыхәа ыҟам ари аҩыза аметодикатә цхыраагӡа уажәаԥхьа иҭыжьмызт. Ашәҟәы аӡыргараҿ еизаз аҵарауаагьы лымкаала уи азгәарҭон.

Џьапуа ашәҟә ҿыц азы: аԥсуаа рҿаԥыцтә культура иазҿлымҳау рзы цаԥхоуп

Азҵааранҵа аиқәыршәаҩцәа ирҩуаӡәку Саида Ҳаџьымԥҳа дрылацәажәеит ашәҟәы иагәылалаз аматериал аизгара апроцесс шымҩаԥысуаз, уадаҩрақәас иацыз, зҽеиҭазкыз иарбану уҳәа. Лара лажәақәа рыла, досу ирыдыз атемақәа рыла аекспедициақәа шымҩаԥыргозгьы, еиҳаракгьы ауадаҩрақәа ахьцәырҵуаз азеиԥш зҵаарақәа рҿы акәын.

Афольклорҭҵааҩ қәыԥш лгәаанагарала, уаанӡа афольклор аҳәаақәа еиҳа иҭшәаны иахәаԥшуазҭгьы, иахьатәи аамҭазы уи еиҳагьы ибеиахеит, амҽхак арҭбааит.

"Ҳазҵааранҵаҿы иреиҳахаз ахәҭақәа ирныԥшуеит ауаҩы иԥсҭазаараҿы зегь раасҭа хадара злоу ахҭысқәа: ауаҩы иира, аҭаацәара иалалара, идунеиԥсахра. Аусуратә процесс иаҳнарбеит абарҭ ахҭысқәа зегьы хатә ԥышәала ауаҩы изымдыруазар, дырнымиацзар, аматериал инагӡаҵәҟьаны аидкылара шилымшо. Ари азҵааранҵа заҳҭаху ҳалацәажәозар, иҳәатәуп ҳаамҭазы афольклортә культура ашҽеиҭанакыз. Уаанӡа ажәабжьҳәаҩы "ирҿыхара", ирҳәацәара аҭахӡамызт, аха иахьа азҵаарақәа рацәаны иҭиилатәхеит", - азгәалҭеит Ҳаџьымԥҳа.

Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа азҵааранҵа аиқәыршәара аидеиа изцәырҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь. Аха еиуеиԥшым ажанрқәа досу рхатәы ҷыдарақәа рымоуп аҟнытә, аӡәы ихала аҭҵаарақәа рымҩаԥгара илшаӡомызт. Уи аамҭазы иҟалеит ари аидеиа иадгылаз афольклорҭҵааҩцәа: Шоҭа Салаҟаиа, Цира Габниаԥҳа, Адгәыр Какоба, Валентин Коӷониа, иара убас зыдунеи зыԥсаххьоу Римма Ҳашԥҳа, Сергеи Зыхәба уҳәа.

Ԥлиаԥҳа: Евразиа жәлар рлакәқәа еидызкыло ашәҟәы аԥсуа лакә анылеит>>

Инагӡамкәа инханы иҟаз ари аус иацҵан 2016 шықәсазы. Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Мусса Екзеков напхгара зиҭо аиҿкаара "Алашареи" еицынарыгӡо Апрограмма "Абазақәеи аԥсуааи: абызшәақәа реиқәырхареи аҭоурыхтә-культуратә ҭынхеи" аҳәаақәа ирҭагӡаны азҵааранҵа ҭыжьын 2019 шықәсазы.

Ашәҟәы аредактор Зураб Џьапуа иажәақәа рыла, иҭыҵыз ашәҟәы жанрс иахьаҵанакуа аҳәара уадаҩуп, иагьахәаԥшлатәуп хархәагак аҳасабала.

"Ҳара ҳахшыҩ еилаҵаны афольклор аҿиарамҩаҿы ицәырҵуа азҵаарақәа системак аҟны реизакра акәын хықәкы хадас иҳамаз. Иара анаҩсгьы аус алаҳурц, аус адаҳуларц азоуп изеиқәыршәоу. Насгьы ари аусура иаҳнарбеит ҳатрадициатә культура аԥсы шҭоу, аха уи аизгаразы иҿыцу амҩақәа шыԥшаалатәу", - иҳәеит иара.

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ апроректор Џьулетта Адлеиԥҳа лажәақәа рыла, иҭыҵыз ашәҟәы акрааҵуан аԥсуа ҭҵаарадырра иадҳәалоу зегьы иазыԥшуижьҭеи, аха еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ирыхҟьаны иахьа уажәраанӡа акьыԥхь амбацкәа иҟан. Лара иазгәалҭеит ишхымԥадатәиу макьанагьы иҭҵаамкәа иҟоу аԥсуа фольклор аганқәагьы рзааҭгылара, насгьы илҳәеит уи аҟны ари аҩызцәа аметодикатә цхыраагӡақәа кыр ишымҩақәҵагоу.

Џьапуа: Нарҭдырра ацентр хықәкыс иамоуп аҵарауаа реиҵааӡара>>

"Аԥсуа фольклор аизгаразы азҵааранҵа" ҳәа хьӡыс измоу ашәҟәы еиқәыршәоуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсуаҭҵааратә институт аҵарауаа алахәны. Акьыԥхь абеит "Афольклортә культура адунеи" захьӡу асериала. Азҵааранҵа аидеиа итәуп, редакторсгьы дамоуп афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа. Аус адырулеит, еиқәдыршәеит Саида Ҳаџьымԥҳаи Нели Барцыцԥҳаи.