Арадио

Џьынџьиа Очамчыра ахәыҷбаҳча азҵаара иазкны: зегьы ԥшуп аҿыц ргылахозар ҳәа

Очамчыра араион Аҵара аҟәша аиҳабы Феликс Џьынџьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Очамчыра ақалақь аҟны ахәыҷбаҳчақәа рзы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik
Џьынџьиа Очамчыра ахәыҷбаҳча азҵаара иазкны: зегьы ԥшуп аҿыц ргылахозар ҳәа

"Уаа 80-ҩык рҭыԥ ахьарбоу еиҳаны рхыԥхьаӡара ыҟоуп. Аибашьра ҟалаанӡа ақалақь аҟны 7-8 хәыҷбаҳча ыҟан, убас акәын ақыҭа дуқәа рҟынгьы. 2008 шықәсазы ахәыҷбаҳча еиҭашьақәыргылан, аха аҭыԥ маҷуп. Арзаҳалқәа ықәуп, аха ахәыҷқәа ҳазҳадкылом. Зегьы ԥшуп аҳәыҷбаҳча ҿыц аныргылахо ҳәа", - азгәеиҭеит Џьынџьиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.