Габуниаԥҳа: иааиуа аҵарашықәс азы Ҭхьынаа ашкол ҿыц ахь ицап ҳәа ҳгәыӷуеит
© Sputnik
"Аусуцәа аиашазы ҩ-напыкала ашкол аус адырулоит, ԥыҭкгьы инаргахьеит, алашара ҟаҵоуп. Аҩнуҵаҟа амала адашьма ықәӡам, уи ҟарҵоит ҳәа ауаҩы дрышьҭиижьҭеи мызкы цоит, ихабар ыҟам умҳәозар. Адәахьтәи аусурақәа иаакәыршаны ақәырҭәара ирҿуп, ашәҭқәа реиҭаҳарҭаҟны анышә ықәырԥсахьеит. Сентиабр аказы зегьы ашкол ахь ианцо ҳахьӡоит ҳәа рҳәеит. Ҳашкол ҩеихагылак амоуп, иҟоуп аспорттә уада, акрыфарҭа, иааизакны жәаҩа класс ҳауеит. Иахьала 56-ҩык аҵаҩцәа ҭоуп, актәи акласс ахь ицараны иҟоуп 9-ҩык", - лҳәеит Габуниаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.