АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынбеи Урыстәыла Афымцамч аминистр Александр Новаки Аԥсныи Урыстәылеи Реиҳабырақәа рыбжьара Аилахәаахәҭшьазы аиқәшаҳаҭрахь аиҭакрақәа ралагаразы аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит ахәаша, рашәара 7 рзы Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.
Аганқәа ргәы иҭоуп зноменклатуреи зымҽхаки Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны иззыԥҵәоу анефтаалыҵқәа Урыстәылантәи Аԥсныҟа ралагалараан аамҭалатәи апериодикатә ҳазалхратә декларациа рзаԥыхра.
Аурыс ган арҭ рҩызцәа атауарқәа ралгаразы аҳазалхратә баџьқәа ахьылнамхуа ҳасаб азууазар, Аиқәшаҳаҭрахь иаларгало аиҭакрақәа иалдыршоит аҩганкгьы атауареикәыршараҿы рҭагылазаашьа аиҟаратәра, аҳәоит адырраҭараҿы.
"Дарбанзаалак анефтаалыҵқәа Аԥсныҟа иаазго аимпортиор аквотақәа иман. Аха урҭ рахьтә зегьы ирылшомызт убарҭ аквотақәа рҳәаа иҭагӡаны зыӡбахә рҳәахьаз аалыҵ зегьы аагара. Даҽа импортиорк урҭ рыҟамзаара ханарҭәааразы аквотақәа изиагара даара ицәгьан. Уажәшьҭа абарҭ аквотақәа ианаҭаххалак риагара апроблема аиуӡом. Аԥсназы иазԥхьагәаҭоу анефтаалыҵқәа уажәшьҭа аҳәааҟны ианааргалак ауп абаза ианҭагалахо", - азгәеиҭеит Арӡынба.
Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынбеи Урыстәыла Афымцамч аминистр Александр Новаки иара убас иахцәажәеит Аԥсны афымца азымхара азҵаарақәеи уи аӡынтәи аамҭазы ахарҭәаара алыршареи рызҵаарақәа.
Валери Бганбеи Витали Муткои Москва еиԥылеит>>
Арӡынба иигәалаиршәеит 2020 шықәса Егрытәи аӡытә фымцатә станциа аусура аанкылара ргәы ишҭоу уа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара инамаданы. Убри аамҭазы Аԥсны афымца Урыстәылантәи ишаиуло. Афымцаашьҭра амҽхаки арыцхәи ҩаԥхьа иалацәажәараны иҟоуп.