Арадио

Арсҭаа Ауадҳаратәи аԥсшьарҭазы: сынтәа ҳауаажәлар ҳаилыркаап ҳәа ҳгәыӷуеит

Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны Ауадҳара аԥсшьарҭа иахылаԥшуа Асҭан Арсҭаа Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа ԥсшьара инеиуа шрыдыркыло, иҟало аҿыҵрақәа ртәы.
Sputnik
Арсҭаа Ауадҳаратәи аԥсшьарҭазы: сынтәа ҳауаажәлар ҳаилыркаап ҳәа ҳгәыӷуеит

"Ауадҳара уажәоуп аӡынра анҳхаҳга. Аӡын зегьы ҳааны иҳахьчон. Иҳаҩсыз амза анҵәамҭазы зегьы ҳхаланы аибыҭара ҳаҿуп аӡын еимыхны иаҳҵәахқәаз, даҽа хәымш, мчыбжьык ааҟара ҳадхалоит. Рашәара 12 инаркны иҳадахқыло ҳалагоит згәы иаҭахны иаауа. 2016 шықәса алаҳамҵозар, 2017-2018 шықәсқәа рзы 90 процент рҟынӡа иҳадаҳкылоз Аԥсны атәылауаа ракәын. Нас ҭыԥқәак ҭацәны иаанхозар егьырҭ ирыдаҳгалон. Ари ҳҳәынҭқарра иаҭыԥуп, ишьақәыргылоу ахәқәагьы аԥсуа рзы иаҳа имаҷуп. Сынтәа хәыҷык ҳҭагылазаашьа аҽаԥсахит, избанзар аҿаҵатәы ду ҳаман акино ҭызхуа рганахьала. Акиностудиа аҟынтәи аҭыхратә гәыԥ аауеит, апансионат зегьы рхы иадырхәар рҭахын. Риҵатәи апарк аиҳабыреи ҳареи ҳалацәажәеит ари азҵаара, еилкаауп Аԥсны атәылауаа ҭыԥда ишҳазынмыжьуа. Убри аҟынтәи 80-ҩык рҭыԥ ахьҳамаз 55-ҩык рҭыԥ акино ҭызхуа агәыԥ ираҳҭеит. Уи аԥхын агәҭа инаркны сентиабр нҵәаанӡа. Хәыҷык агәынамӡарақәа ҟаларгьы ҳауаажәлар ҳаилыркаап ҳәа ҳгәыӷуеит", - иҳәеит Арсҭаа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.