Арадио

Санӡааԥҳа еиҭалҳәеит Сҭампыл еиҿкааз абызшәатә курсқәа рылҵшәақәа ртәы

Сҭампыл еиҿкаау аԥсуа бызшәа арҵаразы акурсқәа рырҵаҩы Дали Санӡааԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит бжьымз рыҩнуҵҟа абызшәа арҵара алҵшәақәа ртәы.
Sputnik
Санӡааԥҳа еиҭалҳәеит Сҭампыл еиҿкааз абызшәатә курсқәа рылҵшәақәа ртәы

"Лаҵарамза 30 рзы ихыркәшан Сҭампыл Аԥсуа культуратә центр аҟны еиҿкааны иҳамаз абызшәа акурсқәа. Иҳәатәуп, алҵшәақәа сынтәа даара ибзиан. Бжьымз ирылагӡаны иҟоуп ицәажәаз имаҷымкәа аҵаҩцәа. Аԥсҭазаараҿы еиҳарак рхы иадырхәаша аҳәоуқәа рҳәоит. Аԥсны инеир аӡәи дареи еибадырыртә, џьара акы аахәашьа иақәшәартә, убас иҟоу аҳәоуқәа рҳәартә иҟоуп иахьа. Агәыԥқәа хԥа ҳаман 15-20-ҩык еидызкылоз. Иара убас асабшала иҳаман фҩык еидызкылоз ахәыҷқәа ргәыԥ", - лҳәеит Санӡааԥҳа.

Шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир.