Арадио

Џьынџьиа еиҭеиҳәеит Очамчыра араион шаҟаҩы аушьҭымҭацәа медалла иалго

Очамчыра арааион аҵара аҟәша аиҳабы Феликс Џьынџьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит аушьҭымҭацәа рыбжьара аԥышәарақәа шцо, ахьтәы медалла ашкол иалго шаҟаҩы ыҟоу атәы.
Sputnik
Џьынџьиа еиҭеиҳәеит Очамчыра араион шаҟаҩы аушьҭымҭацәа медалла иалго

"Аԥышәарақәа цоит, аҵаҩцәа цәгьамкәа иазыҟаҵоуп. Зегь бзиоуп акгьы ҳагым ҳәа џьоук реиԥш исызҳәом. Араион аҟны аӡәы дҳамоуп ахьтәы медалла иалго, ки Очамчыратәи аҩбатәи ашкол аҵаҩы Ӷәынџьиа Алхас. Хаҭала снеины игәасҭеит аԥышәарақәа шеиҭоз, аҵара аминистрра аҟынтәигьы иҳалатәан, аҩра бзианы иҭиит, ҿырҳәалагьы убас. Араион аҟны хәба ҳәа аҵара зҵо даҽа хәҩы-фҩы ҳамоуп, аха ахьтәы медалқәа рҭахымхеит. Зынӡа ареспубликаҟны фҩык медалла иалгоит, урҭ рахьынтә аӡәы Очамчыратәи ашкол аҵаҩы иоуп, уи гәахәароуп ҳара ҳзы",- иҳәеит Џьынџьиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.